Аԥсны

4,5 нызқьҩык инареиҳаны апассаџьырцәа атрансфер рхы иадырхәеит ԥхынгәы 9 инаркны

Гагра араион аҿы иҟаз аӡхыҵрақәа ирыхҟьаны аангыларҭа "Гагра" ааха аиуит, аангыларҭа "Бзыԥ" аҿы 150 метра рҟынӡа аихамҩа ааха аиуит, адәыӷбақәа рныҟәара аанкылан.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 13 – Sputnik. Ԥхынгәы 9-12 рзы, адәыӷбақәа рныҟәара ахьынӡаԥкыз атрансфер аиҿкаарала 4 585-ҩык рҭыԥ ахь инаган ҳәа аанацҳауеит Атуризм аминистрра.
Ауаа рымҩангара мҩаԥыргон "Аԥсны аихамҩақәеи" амилаҭтә туреилахәыра "Туристи".
"Амилаҭтә туристтә еилахәыра ԥхынгәы 9 - 12 рзы 59 реис мҩаԥнагеит. Автобусқәа быжьба 2500-ҩык ауаа мҩаныргеит", – иҳәеит Ҭеимураз Хышба.
Хышба иҳәеит, Атуризм аминистрреи "Аԥсныеихамҩеи" уаанӡагьы аусеицурақәа шымҩаԥыргахьаз. Рашәарамзазы, амшцәгьа ареспубликатә мҩадуи аихамҩеи аԥхасҭа рнаҭеит, адәыӷбақәа рныҟәара нкылан. Усҟан адәыӷбақәа "Аҟәа-Москва", "Санкт-Петербург-Аҟәа" рпассаџьырцәа рзы еиҿкаан атрансфер.
Аԥсны
"Аԥснеихамҩа" Москвеи Петербургҟеи ицоз апассаџьырцәа рымҩангара еиҿнакааит