Аԥсны

Аҟәа иаатит ашахмат азы аицлабра "Аҟәа-опен"

Ԥшьымш ицо аицлабрақәа ирылахәхоит Аԥсни Урыстәылеи рҟынтәи ашахматасыҩцәа.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 13 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аҟәа, Анатоли Карпов ихьӡ зху ашахматтә школ аҿы иаатит Жәларбжьаратәи ашахмат азы аицлабра "Аҟәа-опен".
"Аицлабра ԥшьымш ицоит. Иахьа шьыжьы инаркны хәылбыҽханӡа еиндаҭлоит 7-8 шықәса зхыҵуа ахәыҷқәа, ауҵәы – 9-10 шықәса зхыҵуа, асабша – 11-12 шықәса зхыҵуа, амҽыша – адуцәа", - ҳәа еиҭеиҳәоит Аԥсны ашахмат Афедерациа ахада Константин Ҭыжәба.
Аицлабрақәа ирылахәхоит ахәыҷқәеи адуцәеи Аԥсны араионқәа зегь рҟынтәии Урыстәылантәи.

"Аицлабра алахәылацәа ирыҭахоит аҳаҭыртә шәҟәқәа, ахраҿақәа, амедалқәа, аԥаратә ҳамҭақәа. Сынтәа раԥхьаӡа акәны иалаагалеит ареитинг – жәларбжьаратәи, аԥснытәи ҳәа. Иахьа Аԥсны ашахмат иасуа ахәыҷқәа 500-ҩык инареиҳауп", - ҳәа иҳәеит иара.

Константин Ҭыжәба иҳәеит аицлабра "Аҟәа-опен" ҩажәантәуп имҩаԥаагоижьҭеи ҳәа.
"Уажәшьҭа ҳардыруеит. Гәахәарыла иаауеит ахәмаррақәа рахь. Иахьазы Москва аиҳабыра имҩаԥырго ашахматтә еицлабрақәа ҳхәыҷқәагьы рылахәуп", - ҳәа иҳәоит Аԥсны ашахмат Афедерациа ахада.
Атурнир "Аҟәа-опен" мҩаԥысуеит Аҟәа ахадара аҿари аспорти русқәа рзы Аусбарҭа адгыларала.