Аԥсны

Аӡхыҵраан жәохәҟа ҩны аԥхасҭа роуит Амжәықәхәа ақыҭан

Гәдоуҭа араион Амжәықәхәа ақыҭаҿы аԥсабаратә рыцҳара ашьҭахь аусурақәа ирҿуп Аԥсны АҶА аҟазауааи анхарҭатә усбарҭақәеи.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 13 – Sputnik, Бадри Есиава. Ԥхынгәы 9 рзы иҟаз аӡхыҵра иахҟьаны жәохәҟа ҩны аԥхасҭа роуит Гәдоуҭа араион Амжәықәхәа (уаанӡа Агараки) ақыҭаҿы ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит ақыҭа ахада Ованес Хамалиан.
"15-ҩны рҟынтәи 4-ҩнык зықәгылаз адгьыл аӡы иҵнаӡәӡәааит. Адгьыл ҳәазар ҟалоит ҳәа ашәарҭара ыҟоуп. Уажәы урҭ аҭаацәарақәа арзаҳал рҩит араион ахадарахь ацхыраара рырҭаразы", - ҳәа иҳәеит иара.
Ԥхынгәы 9 рзы ақәаршҩы ӷәӷәа леит Гагра араиони Гәдауҭа араион ахәҭаки рҿы. Хамалиан иажәақәа рыла ақыҭаҿ афымцамчи аӡи рынашьҭра еиҿкаахеит ԥхынгәы 12 рзы.
Афымцамч мҩанызго ацәаҳәақәа рышьаҟақәеи афымцеихшарҭеи каҳаит Аберцәа рҩхааҿы. Хамалиан иазгәеиеҭит, аиҳарак аԥхасҭа шыҟалаз амшын иаԥныз ақыҭахәҭаҿы, Лӡаа иалсуа амҩа Речнаиа аҿы.
Иара иҳәеит, арҭ амшқәа рзы рымчқәа зегьы амҩақәа реиҭашьақәыргылара ишазырхоу, атехника хьанҭа ахархәара шаҭоу.
Амжәықәхәа ақыҭан 500-ҩык нхоит, Мысра ақыҭеи Бзыԥ аҳаблеи ирыбжьакуп, аладатәи ахәҭа амшын иаԥнуп.
Аԥсны
Лӡаа ақыҭан ацҳақәа ҩба еиҭашьақәдыргылараны иҟоуп