Аԥсны

"Амшынеиқәафымцамч" Гагра араион аҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа шцо атәы рҳәеит

Иахьа, ԥхынгәы 13 рзы Аҟәантәи Гаграҟа инашьҭын араион аенергосистема ашьақәыргыларазы атехника цҵа.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 13 - Sputnik. "Амшынеиқәафымцамч" аиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаԥнагоит Гагара араион аҿы. Абри атәы аанацҳауеит анаплакы апресс-маҵзура.
Астанциа маҷ "Гагра-2" аусура аиҭашьақәыргыларази Гагрыԥшьтәи аҩхаахь алашара анашьҭрази 0,4 кВ иҟоу 300 метра ацәаҳәақәа мҩанган.
Уи адагьы, еиҭашьақәыргылан афымцеихшарҭатә станциа маҷ "Бальнеолечебница" аусураз 6 кВ иҟоу аҳауатә цәаҳәақәа.
Астанциа маҷ "Гагра-3" аҟны иԥсахын ааха зауз акабельтә цәаҳәа, Абазгаа рымҩаҿы аҩнеихагылахь алашара нашьҭын.
Аҟазауаа афымцеихшарҭатә станциа маҷ-37 ахь алашара нарышьҭит, афымцатә цәаҳәа 0,4 кВ аҭыԥ иқәырҵеит.
Ԥхынгәы 9 рзы Гагра араион аҿы ақәаршҩыӷәӷәа леит. Зқьы инареиҳаны аҩнқәа аӡы рыҵалеит, амҩадуқәеи аихамҩеи ааха рынаҭеит, араион ауааԥсыра ӡыдеи лашарадеи инхеит. Атәыла ахада инапынҵала иаԥҵоуп аԥсабаратә рыцҳара ахҟьаԥҟьақәа раԥыхразы ареспубликатә штаб. Аштаб аҳәынҭмаҵзурақәеи аҭыԥантәи араион ахадареи русура ҳәаақәнаҵоит.
Аԥсны
Аԥсны иаԥҵоуп амшцәгьа ахҟьаԥҟьақәа раԥыхразы ареспубликатә штаб