Аԥсны

Аԥсни Урыстәылеи АҩАР ахаҭарнакцәа аусеицуратә зҵаарақәа ирылацәажәеит

Аԥсни Урыстәылеи рзинхьчаратә усбарҭақәа рхаҭарнакцәа аҳәаахьчара иаԥну аҭыԥқәа рыҟны азинеиҿкааразы аусеицура азҵаарақәа ирылацәажәеит.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 13 - Sputnik. Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Кьиут зхадараҿы дыҟоу аделегациа Шәача ирԥылеит Урыстәыла АҩАР Краснодартәи атәылаҿацә аусбарҭа хадеи "Сириусу" азы Урыстәыла АҩАР аҟәшеи рхаҭарнакцәа. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра апресс-маҵзура.

Аганқәа алацәажәеит аҳәаахьчаратә ҭыԥқәа рыҟны ауаажәларра ршәарҭадара аԥҵареи азинеиҿкаареи рзы аусеицуразы азҵаарақәа.

Уи адагьы, ирзааҭгылеит изакәанымкәан анаркотикатә маҭәашьарқәа реикәыршара, атәылауааи, хабарда ибжьаӡызи, ацәгьа уны зҽызӡази рыԥшаара, абџьари, автомашьынеи, змали зцәыӡыз рзы аинформациа аимдара.