Аԥсны

Сынтәа Аԥсни Қырҭтәылеи рҳәааҿы 400-ҩык инареиҳаны аҳәааеилагаҩцәа ааныркылахьеит

Аҳәынҭқарратә ҳәаа ахысра аԥҟарақәа еилазгаз административтә ҭакԥхықәра рыдҵоуп.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 13- Sputnik. 2023 шықәса ҳааҭалазар Аԥсны АШәМи Аԥсны иҟоу Урыстәыла АШәМ аҳәаахьчаратә усбарҭақәеи русзуҩцәа Аԥсни Қырҭтәылеи рҳәааҿы иааныркылахьеит 400-ҩык инареиҳаны аҳәааеилагаҩцәа ҳәа аанацҳауеит Аԥсны ашәарҭадаратә маҵзура апресс-маҵзура.
Уи адагьы Ашьаустә закәанеидкыла ахәҭаҷ 324 иазыԥхьагәанаҭо ацәгьоура "Закәаншьаҭада аҳәынҭқарратә ҳәаа ахысра" инақәыршәаны ф-уск хацыркуп.
Шықәсыбжак аҩнуҵҟа иаԥырҟәҟәауп закәаншьаҭада Егры аӡиас аидарақәа рахыгара, ирымхуп 600 ҭоԥ асигарети амаинингхархәагақәа фбеи.
Аԥсны
Урыстәыла атәылауаҩ ашәҟәы иҭагаламыз аелектронтә сигаретқәа 400 цыра имырхит