Аԥсны

Шықәсыбжак аҩнуҵҟа 120 миллион мааҭ инеиҳаны Гәылрыԥшь араион абиуџьет ахь иҭалеит

43 миллион мааҭ инареиҳаны аҭыԥантәи абиуџьет иҭалаз - ари араион ахатә хашәалоуп, ииасыз ашықәс иаҿырԥшны 14,2% еизҳаит.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 14 - Sputnik, Сариа Кәарацхьиаԥҳа. 2023 шықәса ажьырныҳәа 1 инаркны Гәылрыԥшь араион абиуџьет ахь инеит 120,8 миллион мааҭ ҳәа иҳәеит араион ахада Саид Ҳаразиа.
Ҳаразиа иазгәеиҭеит, ашықәсбжатәи ауснагӡа инақәыршәаны абиуџьеҭ иҭалар шакәыз 116 миллион мааҭ. Абас ала, 104% аус нагӡоуп.
Ахашәалақәа ирхыҵхырҭа хадахеит ахашәалахәытә шәахтә - 56,1%.
2023 шықәса фымз рыҩнуҵҟа араион ауааԥсыра 24 миллион мааҭ ахашәалахәытә шәахтә ршәеит, 7,9 миллион мааҭ – ақьар-шәахтә, 4,3 миллион мааҭ – адгьыл азы ашәахтә аҳасабала.
Ҳаразиа иҳәеит ари аамҭазы ареспубликатә биуџьет аҟынтәи дотациа ҳасабла ишроуз 25,7 миллион мааҭ, асубсидиатә ҳасаб ала - 48 миллион мааҭ. Уи адагьы 350 000 мааҭ атәыла ахада ирезервтә фонд аҟынтәи иаашьҭын, 3,5 миллион мааҭ – Аминистрцәа реилазаара арезервтә фонд аҟынтәи.
Абиуџьет аныхратә хәҭа 94,4% рыла инагӡоуп. Ауснагӡала 128 миллион ахьазгәаҭаз иныхуп 121 миллион. Ари 15% рыла еиҳауп ииасыз ашықәс аан аасҭа. Аныхрақәа реиҳарак аҵараҵара иазырхоуп - 44,8%.