Аԥсны

Аӡхыҵра аԥхасҭа знаҭаз агуманитартә цхыраара рыҭаразы аизгарҭа ҭыԥ аадыртуеит Гагра

Аӡхыҵра аԥхасҭа знаҭаз агуманитартә цхыраара рыҭара алшоит Гагра абиблиотека хадаҿы (Абазгаа рымҩа, 34/2).
Sputnik
АҞӘА, ԥхынҷкәын 14 – Sputnik, Бадри Есиава. Аӡхыҵра аԥхасҭа знаҭаз агуманитартә цхыраара рыҭаразы аизгарҭа ҭыԥ аадыртуеит Гагра, ԥхынгәы 17 рзы ҳәа лҳәеит Гагра араион ахадара акультура аҟәша аиҳабы Мадина Бганԥҳа.
Ацхыраара адкыларҭа аус ауеит: 09:00 - 18:00, Гагра абиблиотека хадаҿы (Абазгаа рымҩа, 34/2).
"Ҳақәгәыӷуеит ауаа абзазаратә техника, амаҭәа, иахьынӡалшо иҿыцу ма зхаҭабзиара ыҟоу, аргыларатә маҭәахәқәа, аҩнымаҭәа, афатә уҳәа арыцҳара иақәшәаз ауаа ирҭаххаша ааргап ҳәа", - лҳәеит Бганԥҳа.
Адкылараҿ аус руеит абиблиотека аусзуҩцәа иреиуоу фҩык. Мадина Бганԥҳа ишылҳәо ала иаҭаххар урҭ рхыԥхьаӡара иацырҵоит, уи адагьы иалшоит адкыларҭақәа еиҭа иаадыртыр.
Ԥхынгәы 9 рзы Гагра араион аҿы ақәаршҩыӷәӷәа леит. Зқьы инареиҳаны аҩнқәа аӡы рыҵалеит, амҩадуқәеи аихамҩеи ааха рынаҭеит, араион ауааԥсыра ӡыдеи лашарадеи инхеит. Атәыла ахада инапынҵала иаԥҵоуп аԥсабаратә рыцҳара ахҟьаԥҟьақәа раԥыхразы ареспубликатә штаб. Аштаб аҳәынҭмаҵзурақәеи аҭыԥантәи араион ахадареи русура ҳәаақәнаҵоит.