Аԥсны

Аԥсни Никарагуеи Амедиаеиҿкаарақәа реидгыла аԥырҵоит

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр аиҳаби никарагуатәи аграждантә зҵаарақәеи, акоммуникациақәеи АИХқәа рызҵаарақәеи рзы ахеилак аиҿкааҩ Даниель Едмундо Ортега Мурильои алацәажәеит акоммуникациақәеи аинформациатә политикеи русхк аҟны аҩ-тәылак реицусура.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 14 - Sputnik. Аԥсни Никарагуеи Амедиаеиҿкаарақәа реидгыла аԥҵаразы аусура иалагеит ҳәа аанацҳауеит ААР Амедиацентр.
Адәныҟаполитикатә усбарҭа аиҳабы Инал Арӡынба иажәақәа рыла, амедиаеиҿкаара аԥҵара хықәкыс иамоу - Америка аҿагылареи ахырхарҭарацәатә дунеи аиҿкаара аидеиеи шьаҭас измоу аинформациатә усеицуреи роуп.
"Ҳҩыза (Даниель Едмундо Ортега Мурильо - аред. азгә.) иара убасгьы никарагуатәи ҳколлегацәа аинформациа рысҭеит Еиду аштатқәа иҟарҵо шшантажу, жәларбжьаратәи азинқәа шеиланаго, Аԥсни иара апартниорцәеи реизыҟазаашьа анырра аҭара ишазырхоу. Агәра ганы ҳаҟоуп ихшыҩдароу ари аус алҵшәа шамаиоуа", - ҳәа иҳәеит Арӡынба.
Аминистр агәыӷра ааирԥшит адунеитә еилазаара аҟынӡа анагара рылшап ҳәа ажәларқәа рзинқәа, ркультурақәа, рҷыдарақәа ҳаҭыр рықәҵара иазырхоу ридеалқәа.
Аԥсны
Инал Арӡынба Петербург дырԥылеит Никарагуантәи аделегациа