АҞӘА, ԥхынгәы 15 – Sputnik. Аслан Бжьаниа Очамчыра ақалақь амш рыдиныҳәалеит, абри атәы аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
Аслан Бжьаниа ҷыдала иазгәеиҭеит Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан ақалақь ауааԥсыра хаҵарыла рыԥсадгьыл шырхьчоз, афырхацәа рыхьӡқәа хьтәы нбанла наунагӡа Аԥсны аҭоурых ишанылаз.
"Иахьа ҳҿаԥхьа иқәгылоуп Очамчыра аекономикатә лшара аиҭашьақәыргылара иазку акрызҵазкуа ауснагӡатәқәа. Агәрагьы згоит ҳаидгыланы иҟоу ауадаҩрақәа ҳшыриааиуа, иазгәаҳҭаз аусқәа зегьы рынагӡара шҳалшо дарбанзаалак ари ақалақь ссир иқәынхо ауаа рыхьӡала", - аҳәоит адныҳәалараҿы.
Атәыла ахада ақалақь иазеиӷьеишьеит аҭынчра, аизҳазыӷьара, очамчыраа- анасыԥи аҳәоуеиқәшәареи.