Аԥсны

Аԥсни Урыстәылеи ромбудсменцәа аилибакааразы аиқәшаҳаҭра рнапқәа аҵарҩит

Аиԥыларааҿ иалацәажәеит рхыдҵақәеи русеицура аҳәаақәа рырҭбаареи азҵаатәқәа.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 15 - Sputnik. Аԥсни Урыстәылеи ауаҩы изинқәа рзы азинмчра змоу Анас Қьышьмариаԥҳаи Татиана Москальковеи аилибакааразы аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны ауаҩы изинқәа рзы азинмчра змоу лпресс-маҵзура.
Амилаҭҭә закәанԥҵара аҳәаақәа ирҭагӡаны аганқәа хыдҵас иргеит атәылауаа рзинқәа рыхьчареи рхақәиҭреи аганахь ала аусеицура.
Азинмч анагӡаҩцәа оперативла Аԥсны иҟоу урыстәылауааи Урыстәыла иҟоу Аԥсны атәылауааи рзинқәа рыхьчараз инарыгӡо аусқәа еимырдалоит. Арҭ атәылауаа разашшрақәа ирыхәаԥшоит дара рус иаҵанакуа аҳәаақәа ирҭагӡаны.
Иара убас, Қьышьмариаԥҳаи Москальковеи аԥышәеи аинформациеи еимырдалоит, еицымҩаԥыргалоит аҩ-ҳәынҭқаррак ртәылауаа рыдкылара, еиҿыркаалоит азинтә дыррақәа ирызкны асеминарқәа, аконференциақәа, атренингқәа.