АҞӘА, ԥхынгәы 15 – Sputnik. Аԥсны атәылахьчара аминистрра аснаиперцәа разыҟаҵарақәа мҩаԥыргеит, абри атәы аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.
Аҽазыҟаҵарақәа х-хәҭакны еихшан: аруаа абџьар аҟазшьарбақәа ҭырҵаауан, еиуеиԥшым аҭагылзааашьақәа раан ахысразы аԥҟарақәа, иара убас ахысрадәы аҟны ихысуан.
Аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысуан ҽынлеи уахынлеи. Аиҳарак азхьаԥшра аҭан иуадаҩу аҭагылазаашьақәа раан аснаиперцәа рхысреи ртактикатәи ҽазыҟаҵарақәа аиӷьтәра.