АҞӘА, ԥхынгәы 15 – Sputnik. Очамчыра Ақалақь амш азгәарҭеит ԥхынгәы 15 рзы.
Очамчыра Амш азгәаҭара иалагеит Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахаз аибашьцәа рбаҟа амҵан ашәҭқәа рышьҭаҵарала. Уи ашьҭахь аԥшаҳәаҿы еиҿкаан ақыҭанхамҩатә аалыҵқәа ахьцәыргаз аџьармыкьа.
"Ҳнапҟазацәа рнапкымҭақәеи, ханхацәа раалыҵи ӡырыргеит. Очамчыра анапхгара ақалақьуааи асасцәеи афатә-ажәтә рзеиҿыркааит. Аамҭа бзианы ирхыргеит",- иҳәеит Очамчыра араион ахадара атуризм азы аҟәша анапхгаҩы Дмитри Кобахьиа.
Очамчыра ақалақь 2523 шықәса ахыҵра аҳаҭыразы аԥшаҳәаҟны иаартын аскульптура "Амшынҳәа ԥсҿыхҩы" ("Ручание Дельфина"-аред.). Автор Геннади Ромин-Гамгиа, иара ГенЭрген ҳәа деицырдыруеит. Аскульптура аҵла ашьапы зкәу напуп, уи амшынҳәа аҵыхәа амоуп.
Аныҳәа рзеиҿкаан ахәыҷқәагьы, дара аниматорцәа рзықәгылеит, еиуеиԥшым ахәмаррақәа рзеиҿкаан.
Ахәылбыҽха аԥсуа естрада ашәаҳәаҩцәа злахәыз аконцерт мҩаԥысит.