Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәыла аҳауаҽацәыхьчагақәа украинатәи аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 14 карыжьит

2022 шықәса жәабран 24 раахыс урыстәылатәи аруаа иҭадырхеит аԥырҩы дызҭам украинатәи ахархәагақәа 5009.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 15 - Sputnik. Уахыки-ҽнаки рыҩнуҵҟа урыстәылатәи Аҳауаҽацәыхьчаратә мчқәа аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 14 карыжьит, абри атәы аанацҳауеит Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра.
Уи адагьы, икажьын аицҭырҟьаратә система HIMARS-и "Ураган-и" рреактив хгәыцәқәа жәба.
Аоператив-тактикатә авиациеи, аракетатә ари, артиллериеи ааха рырҭеит артиллериатә ҟәшақәа 89, 112 раион рҿы иҭадырхеит аибашьцәеи атехникеи.
Купиансктәи ахырхарҭаҿы аӷа ицәыӡит 20-ҩык аибашьцәа, автомашьынақәа 2, агаубицақәа Д-20.
Херсонтәи ахырхарҭаҿы иҭархоуп УАМ аибашьцәа 70-ҩык, хә-автомашьынак, агаубица "Мста-Б", артиллериатә система М777 (ЕАА), агаубицақәа "Д-30".
Алада-Донецктәи ахырхарҭаҿы УАМ ажәыларақәа жәаф аԥырҟәҟәаауп. Запорожиатәи ахырхарҭаҿы Киев иацәыӡит 280-ҩык аибашьцәа, танкк, аршьаҟауаа рмашьынақәа ԥшьба, акәылӡмашьынақәа ԥшьба, автомашьынақәа хԥа, ҩ-гаубицак "Мста-Б", УАМ амеханизациа зызуу 47-тәи абригада аџьаԥҳанышьҭаҵарҭа.