Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Севастополь ажәлара зҽазызшәоз аԥырҩы дызҭам украинатәи ахархәагақәа кажьуп

Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 15 – Sputnik. Урыстәылатәи аруаа Севастополь ажәлара зҽазызшәоз аԥырҩы дызҭам украинатәи ахархәагақәа ҭадырхеит. Абри атәы и-Telegram-канал аҟны иҩуеит агубернатор Михаил Развожаев.
Урыстәыла аҳауаҽацәыхьчага хархәагақәа рыбзоурала Севастополь аҵакыраҟны Херсонеси, Балаклавеи рраионқәа рҟны аԥырҩы дызҭам украинатәи ахархәагақәа хәба кажьын", - иҳәеит иара.
Агубернатор иажәақәа рыла, даҽа хархәагак кажьын Манганари азааигәара.
Развожаев иазгәеиҭеит, ажәылара аԥырҟәҟәааран ақалақьи амшын аӡымҽхак рҟны хыбрак ааха шамаиуз.