Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Урыстәылатәи аруаа Донецктәи ахырхарҭаҟны украинатәи аџьаԥҳанышьҭаҵарҭақәа ҩба ԥыржәеит

Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 16 – Sputnik. Урыстәылатәи аруаа Донецктәи ахырхарҭаҟны украинатәи аџьаԥҳанышьҭаҵарҭақәа ҩба ԥыржәеит, УАМ амеханизациа зызуу 54-тәи абригадеи Украина амилаҭтә гвардиа аԥшьбатәи агәыԥи ҭадырхеит, абри атәы аанацҳауеит Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра.
Уахыки-ҽнаки ирылагӡаны урыстәылатәи аруаа Донецктәи ахырхарҭаҟны аӷа ижәыларақәа 15 аԥдырҟәҟәааит.
Краснолимантәи ахырхарҭаҟны иԥжәан УАМ амеханизациа зызуу 66-тәи абригада аџьаԥҳанышьҭаҵарҭа, шәҩык аибашьцәа, акәылӡымашьынақәа ҩба, амашьынақәа хԥа, агаубицақәа "Мста-Б", Д-30.
Алада-Донецктәи ахырхарҭаҟны украинатәи аԥшыхәра-жәыларатә гәыԥ ҭархоуп. Запорожиетәи ахырхарҭаҟны иԥыржәеит УАМ амеханизациа зызуу 33-тәи 65-тәи абригадақәа рџьаԥҳанышьҭаҵарҭақәа . Уахыки -ҽнаки рыла ари ахырхарҭаҟны аӷа ицәыӡит 260-ҩык аибашьцәа, аибашьыгатә машьынақәа хԥа, х-машьынак, агаубицақәа "Мста-Б", Д-30.
Купиансктәи ахырхарҭаҿы аӷа ицәыӡит 50-ҩык аибашьцәа, автомашьынақәа 5, агаубицақәа Д-20.
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Севастополь ажәлара зҽазызшәоз аԥырҩы дызҭам украинатәи ахархәагақәа кажьуп
Херсонтәи ахырхарҭаҿы иҭархоуп УАМ аибашьцәа 50-ҩык, ԥшь-автомашьынак, агаубица "Акациа", артиллериатә система М777 (ЕАА).
Аоператив-тактикатә авиациеи, аракетатә ари, артиллериеи ааха рырҭеит артиллериатә ҟәшақәа 89, 124 раион рҿы иҭадырхеит аибашьцәеи атехникеи.
Уахыки-ҽнаки рыҩнуҵҟа урыстәылатәи аҳауаҽацәыхьчаратә мчқәа аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа 13 карыжьит. Уи адагьы, икажьын аицҭырҟьаратә система HIMARS ареактив хгәыцәқәа хԥа.