Аԥсны араионқәеи ақалақьқәеи реиҿкаара

Аслан Бжьаниа Гал агәаны апарк аҿы аусурақәа шцо гәеиҭеит

Апарк аиҭашьақәыргылара иалагеит араион анхацәа иҟарҵаз аҳәарала, дара уи азы араион ахада Константин Ԥлиа ихьӡала ашәҟәы рҩит.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 17 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа игәеиҭеит Гал ақалақь агәаны иҟоу апарк шеиҭашьақәдыргылаз.
Апарк аӡы ахьҭатәоз иахҟьаны иажәхьаз аӡцарҭақәа рыԥсахит, ацәхыԥқәа шьҭарҵеит, алашарбагақәа дыргылеит, ахаҳәҟьаԥс шьҭарҵеит, атәарҭақәеи агәамсамҭаԥсарҭақәеи дыргылеит. Уажәы аусурақәа ахыркәшарахь анеира иаҿуп.
"Уажәы уадаҩрас иҟоу апарк ариаҵәароуп. Ақәаршыҩқәа ахьлеиз иахҟьаны анышә ықәнаӡӡәааит, ҳгәы иҭоуп ҿыц ажәлақәа каҳԥсарц", - иҳәеит Гал араион ахада ихаҭыԥуаҩ Нарсоу Џьопуа.
Гал агәаны иҟоу апарк хадаҿы ак ҟарымҵоижьҭеи 30 шықәса реиҳа ҵуеит. Уажәы апарк аиҭашьақәыргылара иалагеит араион анхацәа иҟарҵаз аҳәарала, дара уи азы араион ахада Константин Ԥлиа ихьӡала ашәҟәы рҩит. Аусурақәа хә-миллион мааҭк рыхә ыҟоуп, аԥарақәа араионтә биуџьет аҟынтәи ирзоужьуп. Уаанӡа араион ахада ишиҳәахьаз ала, апарк аҿы иҟалоит аваи-фаи, иара убас здизаин аҟаҵара иаҿу арт-обиекткгьы ҟалоит.