АҞӘА, ԥхынгәы 17 - Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Гал араион анхацәа 2023 актәи азбжаан афымцамч азы 40 миллион мааҭ ауал рықәуп ҳәа адырра ҟаиҵеит "Амшынеиқәафымцамч" араионтә ҟәша аиҳабы Ниаз Џьгьеренаиа Аԥсны ахада дызлахәыз аҳасабырбатә еилатәараан.
Зынӡа фымз рыла афымцамч азы ишәатәны иԥхьаӡан 57,9 миллион мааҭ, урҭ рахьтә иалагалан 13,8 миллион.
Аиуристтә хаҿқәа рзы ишәатәны иарбан 3,9 миллион мааҭ, урҭ рыхьтә ишәан 2,9 миллион мааҭ. Ахазхаҿқәа рзы иԥхьаӡаз 53,9 миллион мааҭ рахьтә ишәан 10,8 миллион.
Ари аамҭа иалагӡаны иныхуп 48 миллион киловатт-сааҭ, уи аа-миллионк рыла еиҵоуп ҵыԥх абри аамҭазы иныхыз аасҭ. Џьгьеренаиа иажәақәа рыла, уи зыбзоуроу ажьырныҳәамзаахыс 321-ы абонент афымцамчԥхьаӡагақәа ахьырзықәдыргылаз ауп.
Уи адагьы, ирылган амаининг азы амаругақәа 50.
Џьгьеренаиа иҳәеит Галтәи арегионалтә фымцастанциа аусзуҩцәа ашықәс иалагазар ақалақь иахьаҵанакуа даҽа ҩ-трансформаторк, ашьаҟақәа 25, афымцацәаҳәақәа х-километрак шышьақәдыргылаз.
Афымцамчԥхьаӡагақәа рықәыргыларазы аусура цоит. "Амшынеиқәафымцамч" уи азы афилиал зықь цыра анаҭеит, зынӡа ҩ-нызқь цыра шьақәдыргыларц ргәы иҭоуп.