Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Гәылрыԥшь араион аҿы алашараз аизгақәа 23% артәеит

© Sputnik / Томас Тхайцук Отключение света
Отключение света  - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.07.2023
Анапаҵаҩра
Ииасыз ашықәс абри аамҭахҵәахаз аизгарақәа 29,3% ыҟан.
АҞӘА, ԥхынгәы 14 - Sputnik. 2023 шықәса фымз рыҩнуҵҟа Гәылрыԥшь араион аҿы алашараз аизгақәа 23% артәеит ҳәа иҳәеит "Амшынеиқәафымцамч" ахаҭарнак Зураб Ханагәуа араион ахадараҟны имҩаԥысыз аилатәараҟны.
Зынӡа 21,1 миллион мааҭ еизгоуп иахыԥхьаӡалатәыз 91,3 миллион мааҭ рцынхәрас. Ауал – 70 миллион мааҭ еиҳауп.
Ханагәуа иҳәеит араион аҟны 8435 абонентцәа шыҟоу. Урҭ рҟынтәи аԥхьаӡагатә ҭаҩгақәа рзықәгылоуп - 308-ҩык хазхаҭалатәи анаплакҩцәа , 79-ҩык – аиурист хаҿқәа. 984 абонентцәа альготақәа рымоуп афымцалашара ахә ахшәараан, 5415 абонент аҭаҩгақәа иадырбо ала аԥара ршәоит.
Аиурист хаҿқәа рҟынтәи ашәаратә процент 71,6% артәоит. Ишәатәны иҟаз 13,9 миллион рҟынтә ишәоуп 9,9 миллион мааҭ.
Новый трансформатор установили на подстанции Новый Афон - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.07.2023
Аԥсны
Атрансформатор ҿыц ықәдыргылеит астанциа маҷ "Афон ҿыц" аҿы
2023 шықәса раԥхьатәи афымз рзы ахатәхаҿқәа араион аҿы ирылыргаз ахәԥса 14,5% роуп иартәо. Иахыԥхьаӡалатәын 77,3 миллион мааҭ, ишәоуп - 11,2 миллион. Ауал иартәеит 66,1 миллион.
Уи адагьы, 2023 шықәса фымз рыҩнуҵаҟа аенергосистема арҽеираз 50 километра афымцатә цәаҳәақәа рыцқьан, иԥсахын 35 еиԥырҟьага, еиҭашьақәыргылан авольтҳарак цәаҳәақәа, иԥсахын ихәарҽхаз 143 шьаҟа.
Иара убасгьы иқәыргылан афымцеихшарҭақәа 14, иԥсахын иблыз 15 цәаҳәа.
Ажәабжьқәа зегьы
0