Аԥсны араионқәеи ақалақьқәеи реиҿкаара

Аԥсны ахада изеиҭарҳәеит Кәыдры аҟәара арӷәӷәаразы аусурақәа шымҩаԥысуа

Амшцәгьақәа раан аӡиас хыҵны ааигәа иҟоу анхарҭақәеи Бабышьратәи аҳаиртә баӷәазеи рҵакырақәа ирыҵалоит.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 18 – Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Аӡҩыбжьа ақыҭахь днеит Кәыдры аҟәара арӷәӷәаразы аусурақәа шымҩаԥысуа ибаразы.
Ара зоура ҩ-километрак иҟоу, зыҭбаара 200 метра инаӡо, зыҵа метраки бжаки иҵаулоу аӡыршьҭра мҩаныргоит. Арахь ала акәхоит аӡиас ацарҭа хада ахьақәшәо. Миллион кубометр рҟынӡа анышәи аԥслымӡи ҭыган, аҟәаратә цәаҳәа анеиҿыркаалак ашьҭахьгьы анардадаҩ есышықәса аӡыршьҭра ирыцқьалароуп.
Аусурақәа рзеиԥш хәыԥса 60 миллион мааҭ ыҟоуп. Ахада ирезервтә фонд аҟынтәи иазоужьуп.
Амшцәгьақәа раан Кәыдры аӡиас хыҵны ааигәа иҟоу анхарҭақәеи Бабышьратәи аҳаиртә баӷәазеи рҵакырақәа ирықәлоит, ауааԥсыра аԥхасҭа ӷәӷәа рнаҭоит. Иара убасгьы Уарча ақыҭа аганахьала уаанӡа 15 миллион мааҭ ахҭынҵаны асеиԥш аусурақәа мҩаԥган.
Аԥсны араионқәеи ақалақьқәеи реиҿкаара
Аслан Бжьаниа Очамчыра араион амҩаду хада лашарала ишеиқәдыршәо гәеиҭеит