Пограничный пост Псоу - Sputnik Аҧсны, 1920
Аԥсны араионқәеи ақалақьқәеи реиҿкаара

Аслан Бжьаниа Очамчыра араион амҩаду хада лашарала ишеиқәдыршәо гәеиҭеит

© Sputnik / Томас Тхайцук Аслан Бжания инспектирует работы по освещению трассы в Очамчырском районе
Аслан Бжания инспектирует работы по освещению трассы в Очамчырском районе  - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.07.2023
Анапаҵаҩра
Ареспубликатә мҩаду лашарала аиқәыршәаразы иаахәан урыстәылатәи азауад "Галад" аҿы иҭрыжьыз алашарбагақәа "Победа". Акапиталтә ргылара аусбарҭа аиҳабы иажәақәа рыла, дара техникатә ҟазшьала рыҩаӡара ҳаракуп, алашара аиҭаԥара рымч ақәхоит.
АҞӘА, ԥхынгәы 18 – Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Очамчыра араион амҩаду хада лашарала аиқәыршәашьа шцо гәеиҭеит.
Аусурақәа шцо, иҟаҵатәны иҟоу атәы ахада изеиҭеиҳәеит Акапиталтә ргылара аусбарҭа аиҳабы Ҭемыр Агрба.
"Ареспубликатә мҩаду ахәҭа Ԥсоу-Очамчыра лашарала аиқәыршәара ҳаҿуп. Иҵарсуп 300 шьаҟа. Аԥхьатәи аетап аан иргылан 600 шьаҟа – Аӡҩыбжьа инаркны Лабранӡа. Уажәы Гәылрыԥшь агәы инаркны Аӡҩыбжьатәи амилициа рпост аҟынӡа идыргылахьеит, афымцацәаҳәақәа хыршьуеит. Анаҩс Лабра инаркны Очамчыра аганахь идәықәлоит", – иҳәеит иара.
Агрба иҳәеит иҟаҵаз аекономиа ахархәарала даҽа 109 шьаҟа шаахәаз, ахарџьынҵа аҳәаа иҭымҵӡакәа алашара Очамчыра аихамҩатә еихысырҭаҟынӡа инаргар шрылшо.
Акапиталтә ргылара аусбарҭа аиҳабы ишиҳәаз ала, аусурақәа цәыббра 30 ирхыгахом.
Аԥсны Мраҭашәаратәи ахәҭаҿгьы аусурақәа цоит. Уа алашарбагақәа шамахамзар икнаҳауп, аха иҟоуп даҽа проблемак – амашьынарныҟәцаҩцәа 12 рҟынӡа шьаҟа карыжьхьеит. "Амшынеиқәафымцамч" аҿы ирымоу ашьаҟақәа рыла ирыԥсахуеит, аха ас ицар, аамҭақәак рышьҭахь аҿыцқәа аахәатәхоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0