АҞӘА, ԥхынгәы 18 - Sputnik. Аԥсны Аминистрцәа реилазаара аҳәынҭқарратә биуџьет аҟынтәи акорпоративқәа рыхә ашәара азин рымнахит. Абри азы адокумент кьыԥхьуп Аминистрцәа реилазаара асаит аҿы.
"Абиуџьеттә хархәагақәа еихызшои урҭ зауеи иалдмыршароуп Аԥсны Аҳәынҭқарра абиуџьет аҟынтәи ироуа аԥара иахыхны агәырӷьаратә хәылԥазқәа (акорпоративқәа) рымҩаԥгара, урҭ аԥарақәа аҳәынҭқарратә усбарҭақәа риубилеитә рыцхәқәа рымҩаԥгара иазырхамзар", - ҳәа ануп аусԥҟаҿы.
Ари аусԥҟа анагӡашьа иахылаԥшроуп Аԥсны Афинансқәа рминистрра.