Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны Аминистрцәа реилазаара абиуџьет аҟынтәи акорпоративқәа рыхә ашәара азин рымнахит

© Sputnik / Томас Тхайцук Кабинет Министров Абхазии
Кабинет Министров Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.07.2023
Анапаҵаҩра
Абри азы аусԥҟа аԥыза-министр Александр Анқәаб инапы аҵаиҩит аҩаша, ԥхынгәы 18 рзы.
АҞӘА, ԥхынгәы 18 - Sputnik. Аԥсны Аминистрцәа реилазаара аҳәынҭқарратә биуџьет аҟынтәи акорпоративқәа рыхә ашәара азин рымнахит. Абри азы адокумент кьыԥхьуп Аминистрцәа реилазаара асаит аҿы.
"Абиуџьеттә хархәагақәа еихызшои урҭ зауеи иалдмыршароуп Аԥсны Аҳәынҭқарра абиуџьет аҟынтәи ироуа аԥара иахыхны агәырӷьаратә хәылԥазқәа (акорпоративқәа) рымҩаԥгара, урҭ аԥарақәа аҳәынҭқарратә усбарҭақәа риубилеитә рыцхәқәа рымҩаԥгара иазырхамзар", - ҳәа ануп аусԥҟаҿы.
Ари аусԥҟа анагӡашьа иахылаԥшроуп Аԥсны Афинансқәа рминистрра.
Ажәабжьқәа зегьы
0