АҞӘА, ԥхынгәы 19 – Sputnik. Аԥсны аҳәынҭқарра ахада Аслан Бжьаниа Даниель Ортега идиныҳәалеит Асандинисттә револиуциа 44 шықәса ахыҵра. Абри атәы аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура.
Адныҳәалараҟны иазгәаҭоуп амилаҭтә -хақәиҭратә қәԥаҩцәа ирыбзоураны ажәлар адиктатортә режим ишаҿагылаз, аиҟарареи аиашареи аиааира шагаз.
"Иахьа Аеспублика Никарагуа – ихьыԥшым, зых иақәиҭу суверентә ҳәынҭқарроуп, дарбанзаалак аӡәы аҩнуҵҟатәи аусқәа ахрылагалара азин инаҭом, амилаҭтә интересқәа ахьчоит. Иахьатәи жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рҟны аҭыԥ змоу иҩбароу астандартқәа рполитикеи иаиуо ақәыӷәӷәареи ирызхьамԥшкәа Никарагуа адгылара рнаҭоит зхақәиҭреи зхьыԥшымреи рзы иқәԥо адунеи ажәларқәа", - ҳәа аҳәоит ашәҟәы аҟны.
Аслан Бжьаниа Никарагуа аиашьаратә жәлар ирзеиӷьаишьеит аҭынчра, аинҭәылара, аманшәалара.