АҞӘА, ԥхынгәы 19 - Sputnik. Аҟәеи Манагуеи русеицура иалацәажәеит Аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуеи Никарагуа аҳҭнықалақь ахада Реина Руедеи ҳәа аанацҳауеит Аԥсны ААР Амедиацентр.
Руеда илҳәеит аҳҭнықалақьқәа алшара дуқәа шрымоу, агәыӷра аалырԥшит ԥхьаҟатәи аимадарақәа рыҽшдырӷәӷәо, Аҟәеи Манагуеи 2021 шықәса абҵара 1 азы рнапы зҵарҩыз аиқәшаҳаҭра урҭ алшарақәа еиҳагьы ишарӷәӷәо.
Беслан Џьопуагьы агәӷра ааирԥшит ақалақьқәа шеицәыхароугьы реизыҟазаашьақәа еиҳа-еиҳа ишыӷәӷәахо азы.
"Аӡеизга ду ҳабжьара ишыҟоугьы иаҳзеиԥшу рацәоуп. Ҳтәылақәа қәԥон рсуверенитети рхьыԥшымреи рзы. Аԥсуа жәлар рыхьӡала исҭахуп шәмилаҭтә ныҳәа - Асандинисттә револиуциа 44 шықәса ахыҵра шәыдысныҳәаларц, Никарагуа ажәлар ирзеиӷьасшьарц атынчреи аманшәалареи", - ҳәа иҳәеит иара.
Џьопуа иара убасгьы диԥылеит Никарагуа ақыҭанхамҩа аминистр Боско Кастильо. Аминистрцәа ареспубликақәа рыбжьара ԥхьаҟатәи аусеицура иалацәажәеит.
Аԥснытәи аделегациа Никарагуа иаҭааит Асандинисттә револиуциа 44 шықәса ахыҵра азгәаҭараз имҩаԥырго ауснагӡатәқәа рылахәхаразы. Аԥснытәи аделегациа рыҟазаара иалагӡаны иазгәаҭоуп аминистрцәа рԥылара, еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла аҳәынҭқаррабжьаратә усеицуразы аицәажәарақәа.