Аԥсны

Ешыра инхо зықәра намӡац лганахь ала ицәаԥҽыгоу ахымҩаԥгашьа идбалоуп

Агәазҩара ззыҟоу иусӡбараан 10 шықәса рҟынӡа азеиԥш режим иаҵанакуа аколониаҿы ахгара иқәшәар ҟалоит.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 19 – Sputnik. Алада Ешыра инхо Александр Испириан жә-шықәса зхыҵуа аӡӷаб хәыҷы лганахьа ала ицәаԥҽыгоу ахымҩаԥгашьа ааирԥшит ҳәа агәазҩара ыҟоуп, абри атәы аанацҳауеит Апрокуратура хада апресс-маҵзура.
67-шықәса зхыҵуа ахаҵа данааныркыла ашьҭахь иҿы иқәшаҳаҭхеит.
Ашьаус хацыркуп АА АЗ ахәҭаҷ 130 ахәҭа 2 инақәыршәаны (14 шықәса зхымҵыц рганахь ала ацәаԥҽыратә хымҩаԥгашьа аарԥшра). Аҟәа араион апрокуратура аӡбарҭахь азыҳәа нанашьҭит Александр Испириан ҩымз дырбаандаҩызарц азы.