Аԥсны

Гагратәи АЕМ амшынӡи аӡыржәтәи рхаҭабзиара ахәшьара арҭеит

Гагратәи АЕМ ԥхынгәы 8-9 рзтәи амшцәгьақәа рышьҭахь ауааԥсыра ирабжьнагеит иршны ирхьшәашәоу аӡы рыжәларц.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 19 – Sputnik, Бадри Есиава. Гагра араион аҿы амшынӡи аӡыржәтәи рхаҭабзиара анормақәа ирықәшәоит ҳәа Sputnik иазеиҭалҳәеит араион асанитартә ҳақьым хада Емине Иазычԥҳа.
"Иахьа иҳауит аӡы анализ. Амшцәгьақәеи аӡхыҵрақәеи рышьҭахь аҭагылазаашьа шьақәгылеит. Иахьазы Ԥсоу инаркны Пицунданӡа аӡы ишьақәыргылоу анормақәа ирықәшәоит. Ибзиоуп", - ҳәа лҳәеит лара.
Уаанӡа, Гагратәи АЕМ ԥхынгәы 8-9 рзтәи амшцәгьақәа рышьҭахь ауааԥсыра ирабжьнагахьан иршны ирхьшәашәоу аӡы рыжәларц. Иахьазы усеиԥш аҭахны иҟам.
Лара иара убасгьы илҳәеит, аӡхыҵрашьҭахь Гагра иахьаҵанакуа ахәшәтәырҭақәа рахь аӡәгьы дышрыдымҵаалаз.
Аԥсны амш бааԥс ҟалеит ԥхынгәы 9 рзы. Зегь реиҳа аԥхасҭа аиуит Гагра араион, уа ақәаршҩы иахҟьаны зқьы инареиҳаны аҩнқәа аӡы рыҵалеит, иара убас аӡы рыҩналеит асасааирҭақәа, акьафурҭақәа, адәқьанқәа, жәабала амашьынақәа ааха роуит, аихамҩа ҵнаӡәӡәааит.
Аԥсны
Аԥсны Асанепидеммаҵзура: амшцәгьа ашьҭахь мышқәак амшын шәҭамлан