Аԥсны

Игор Ахба "Ахьӡ-Аԥша" аорден II аҩаӡара ианашьоуп

Игор Ахба Урыстәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәарҭа анапхгаҩыс 13 шықәса аус иуит. 2008 шықәса инаркны 2021 шықәсанӡа.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 19 – Sputnik. Урыстәыла иҟоу Аԥсны раԥхьатәи ацҳаражәҳәаҩ Игор Ахба "Ахьӡ-Аԥша" аорден II аҩаӡара ианашьоуп, абри атәы аанацҳауеит адипломатиатә хаҭарнакра апресс-маҵзура.
Аныҳәатә усмҩаԥгатә мҩаԥысит Москва ареспубликатә цҳаражәҳәарҭаҿы. Ахба аҳамҭа инапаҟны ииҭеит Урыстәылатәи Афедерациаҟны Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчра нагӡеи иҷыдоуи анапынҵақәа змоу ацҳаражәҳәаҩ Алхас Кәыҵниа.

Кәыҵниа Ахба иҭабуп ҳәа иеиҳәеит Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рырӷәӷәараҟны иҟеиҵаз илагалаз, иара убас иазгәеиҭеит шықәсырацәалатәи лыҵшәа бзиала адипхаҭарнакра анапхгараҟны иусура.

Урыстәылатәи Афедерациаҟны Аԥсны Аҳәынҭқарра азинмчра нагӡеи иҷыдоуи анапынҵақәа змоу ацҳаражәҳәаҩс Игор Ахба дыҟан 2008 шықәса инаркны 2021 шықәсанӡа. 2004 шықәсазы Аԥсны ААР аминистрс дыҟан.