Аԥсны

Иури Лагәлаа "Ахьӡ-Аԥша" аорден III аҩаӡара ианашьоуп

Аусԥҟа инапы аҵаҩит атәыла ахада Аслан Бжьаниа ахаша, ԥхынгәы 19 рзы.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 19 – Sputnik. Очамчыра араион Абыргцәа рхеилак аиҳабы Иури Лагәлаа "Ахьӡ-Аԥша" аорден III аҩаӡара ианашьоуп. Абри атәы аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура.
"Иԥсадгьыл аҿаԥхьа илшамҭақәеи ауаажәларра-политикатә усқәа рымҩаԥгареи рзы "Ахьӡ-Аԥша" аорден III аҩаӡара ианашьазааит Очамчыра араион Абыргцәа рхеилак аиҳабы Лагәлаа Иури Григори-иԥа", - ҳәа аҳәоит аусԥҟа аҟны.
Аԥсны
Игор Ахба "Ахьӡ-Аԥша" аорден II аҩаӡара ианашьоуп