Аԥсны

Ҵәыџьба Виссарион "Аԥсны Жәлар рсахьаҭыхыҩ" ҳәа ахьӡ ҳаракы ихҵоуп

Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа реидгыла алахәыла, Асахьаҭыхратә ҵараиурҭа уаанӡа адиректорс иҟаз Виссарион Ҵәыџьба сынтәа 80 шықәса ихыҵуеит.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 19 – Sputnik. Ҵәыџьба Виссарион "Аԥсны Жәлар рсахьаҭыхыҩ" ҳәа ахьӡ ҳаракы ихҵоуп, абри атәы аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура.
"Аҿыханҵатә ҟазара ашьақәгылареи аҿиареи, еиҵагыло аҿар реиҵааӡареи рыҟны илагалази, изанааҭтә ҩаӡара аҳаракыреи рзы "Аԥсны Жәлар рсахьаҭыхыҩ" ҳәа ахьӡ ҳаракы ихҵоуп Ҵәыџьба Виссарион Акәын-иԥа", - ҳәа аҳәоит аусԥҟа аҟны.
Виссарион Ҵәыџьба диит нанҳәа 5 1943 шықәсазы Очамчыра араион Ҷлоу ақыҭан. Аԥсны Асахьаҭыхыҩцәа реидгыла далахәылоуп, Аҟәатәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭа уаанӡатәи аиҳабы. 2014 шықәса рзы иара иҭыхымҭа "Исыциз ашьха" Аԥсны Асахьаҭыхыҩцәа реидгыла есышықәсатәи аԥхьахә актәи аҩаӡара анашьан.
Аҟаза исахьақәа Аԥсны Аҳәынҭқарратә сахьатә галереиаҿы, асахьаркыратә фонд, Урыстәылеи аҳәаанырцәи ахатәы коллекциақәа рҿы иҵәахуп.
Аԥсны
Ашьхарахь амҩа: Ацәыргақәҵатә зал хадаҿы Виссарион Ҵәыџьба иусумҭақәа рцәыргақәҵа аатит