Аԥсны

Аҟәа иаатит Аԥсны ихьшәоу асовет аамҭа иазку афотоцәыргақәҵа

Еиқәаҵәоу-ишкәакәоу афотосахьақәа рцәыргақәҵа "Афотомозаика: Аԥсны ихьшәоу асовет аамҭазы" еиҿкаауп Агуманитартә программақәа Рцентри ПРООНи рылшарала.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 20 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Еиқәаҵәоу-ишкәакәоу афотосахьақәа рцәыргақәҵа "Афотомозаика: Аԥсны ихьшәоу асовет аамҭазы" аадыртит Аҟәатәи абаа аҵакыраҿы ԥхынгәы 19 рзы.
Еиқәаҵәоу-ишкәакәоу аҭыхымҭақәа рҿы иубоит 1970-1980-тәи ашықәсқәа раан Аԥсны аполитикатәи ауаажәларратәи ҭагылазаашьақәа зныԥшуа ахҭысқәа - Фазиль Искандер СССР Иреиҳаӡоу Асовет ахь депутатс иалхра, 1989 шықәсазы Лыхны иҟаз ажәлар реизара ду, ақырҭуа студентцәа рықәгылара, Александр Шервашиӡе-Чачба иԥсыбаҩ Аԥсны анышә амадара, Владислав Арӡынба, Мушьни Хәарцкьиа, Зураб Ачба, Гиви Смыр, Адгәыр Инал-иԥа, Даур Занҭариа рфотосахьақәа, акаҳуажәырҭа "Амра" аҭааҩцәа, аԥсуа шәҟәыҩҩцәа, аҵарауаа, археологцәа.
Аҵарауаҩ, ауаажәларартә усзуҩ Баҭал Кобахьиа иазгәеиҭеит ацәыргақәҵаҿ иарбоу аамҭахҵәахаан Аԥсны раԥхьатәи апартиақәа, аиҿкаарақәа, ихьыԥшым асахьаҭыхыҩцәа шцәырҵуаз. Иара игәаанагарала, афотоқәа рҿы иарбоу аҭоурыхтә хҭысқәа ацифрахь ииагатәуп иааиуа абиԥарақәа ирзаанхарц.
1 / 5

Аҟәатәи абаа аҵакыраҿы иаадыртит афотосахьақәа рцәыргақәҵа "Афотомозаика: Аԥсны ихьшәоу асовет аамҭазы"

2 / 5

Аҟәатәи абаа аҵакыраҿы иаадыртит афотосахьақәа рцәыргақәҵа "Афотомозаика: Аԥсны ихьшәоу асовет аамҭазы"

3 / 5

Аҟәатәи абаа аҵакыраҿы иаадыртит афотосахьақәа рцәыргақәҵа "Афотомозаика: Аԥсны ихьшәоу асовет аамҭазы"

4 / 5

Аҟәатәи абаа аҵакыраҿы иаадыртит афотосахьақәа рцәыргақәҵа "Афотомозаика: Аԥсны ихьшәоу асовет аамҭазы"

5 / 5

Аҟәатәи абаа аҵакыраҿы иаадыртит афотосахьақәа рцәыргақәҵа "Афотомозаика: Аԥсны ихьшәоу асовет аамҭазы"

Ауаажәларратә усзуҩ Лиана Кәарҷелиаԥҳа еиҭалҳәеит, аматериал аизгара ауадаҩрақәа шацыз, ахатәы архивқәа реиҳарак аибашьраан иахьыӡыз иахҟьаны. Аекспозициа азырхиараҟны ацхыраара ҟарҵеит Гәдоуҭатәи ахьӡ-аԥша амузеии Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеии. Фотосахьақәак еицырдыруа аполитикатәи ауаажәларратәи усзуҩцәа рхатә архивқәа рҟынтәи иаагоуп.
Аҵак ду амоуп абиԥарақәа реимадара адоуҳамч анамоу, ииасхьоу аинтеллектуалтә атмосфера ануныруа ҳәа азылыԥхьаӡоит ажурналист Надежда Венедиктова.
"Ари зыԥсы ҭоу гәалашәароуп. Ҳагәқәа ирзынхароуп. Ирзынхароуп еиҵагыло аҿаргьы. Ҳабиԥара еиҳа ихадаз аус нанагӡеит – Аԥсны ахьыԥшымра алнаршеит. Иаанхаз - аҿар шәнапы иануп. Ари ахьыԥшымра аԥхьаҟа еизшәырҳароуп ишәырҿиароуп, аԥсҭазаара ашәҭароуп. Убри азоуп ацәыргақәҵагьы зеиҿкаау", - лҳәеит лара.
Ацәыргақәҵа аус ауеит ԥхынгәы 23 рҟынӡа. Изҭаху зегьы иаҭаан ирбарц рылшоит.
Раԥхьатәи ашьа: 1989 шықәса ииультәи ахҭысқәа Коба Ҷыҭанаа иблақәа рыла