АҞӘА, ԥхынгәы 21 - Sputnik. Урыстәыла Арбџьармчқәа аԥшьаша ауха атеррактқәа ахьаздырхиоз украинатәи ахыбрақәа еилаԥырххааит, абри атәы аанацҳауеит Атәылахьчара аминистрра.
"Иаха Урыстәыла Арбџьармчқәа аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа рыла атеррактқәа ахьаздырхиоз украинатәи ахыбрақәа ааха рырҭеит ахара икылкааны ихысуа абџьар ала", - аҳәоит аусбарҭа адырраҭараҿы.
Ажәылара ахықәкы нагӡоуп. Иарбаз ахыбрақәа зегьы еилаԥыххаауп ҳәа азгәарҭеит аусбарҭаҟны.
Аусбарҭаҿы иазгәарҭеит УАМ изныкымкәа иқәҿиарадаз ажәыларақәа шымҩаԥыргаз донецктәи, краснолимансктәи, алада донецктәи ахырхарҭақәа рҿы.
Иҭархоуп 185-ҩык украинатәи аибашьцәа, акәылӡмашьынақәа хԥа, автомашьынақәа ԥшьба, агаубицақәа Д-20, Д-30.