Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда

Путин: Украина аконтржәылараан 26 нызқьҩык аруаа ацәҭахахьеит

Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 23 - Sputnik. Урыстәыла ахада Владимир Путин аҳәамҭа ҟаиҵеит Украина аконтржәылараан 26 нызқьҩык инареиҳаны аруаа ацәҭахахьеит ҳәа.
Белоруссиа ахада Александр Лукашенко Путин даниԥылоз иеиҳәеит Еиду Америкатәи аштатқәа рыхәшьара ала, Украина аконтртеррористтә жәылара иалагеижьҭеи 26 нызқьҩык аруаа ацәҭахахьеит ҳәа.
"Еиҳауп… уажәшьҭа еиҳахахьеит", - иҳәеит Путин.
Украина еибашьуа аҳәаанырцәтә еибашьцәа гаӡарала аҭахара иаҿуп иҳәеит Путин.
Урыстәыла ахада иазгәеиҭеит зыуаажәлар аибашьрахь идәықәызҵо аҳәынҭқаррақәа ртәылауаа ирдыруазароуп аоперациа ҷыда ахьымҩаԥысуа иҟоу шыҟоу. Урыстәыла уи азы адырра ҟанаҵалоит, ауаа реиҳабырақәа иҟарҵо ашьаҿақәа ахәшьара рырҭарц азы.