АҞӘА, ԥхынгәы 25 – Sputnik. Ахаҵа иҽазишәеит зеиуа маҷу ахьшьқәа Урыстәылантәи Аԥсныҟа риагара, дара аскотч рыкәыршаны амашьына акәыр аҭыԥ аҿы иҵәахит. Абри атәы аанацҳауеит Краснодартәи аҳазалхырҭа Шәача ақалақь аҿтәи апресс-маҵзура.
Краснодартәи аҳазалхыҩцәа аԥсаатә рбеит амашьына аидараҭыԥ ангәарҭоз.
Аусбарҭаҿы ирҳәоит, амашьынарныҟәцаҩ ахьшьқәа Аԥсныҟа схазы изгон ҳәа шазгәеиҭаз, адекларациа шхеимырҭәааз аамҭа имгарц азы. Ахьшьқәа атәыла ралгаразы ахаҵа иахәҭаз ашәҟәы имамызт.
"Аекспертиза ишьақәнаргылеит аԥсаатә шықәсык зхыцуа акәытырхьшьқәа шраку, дара рыла ахәҳаахәҭра СИТЕС а-Конвенциа ишҳәаақәнаҵо. Аӡбарҭа атәылауаҩ ахара иднаҵоит УА АЕЗ ахәҭаҷ 16.2 (атауар ашәҟәы рҭамгалара), ахәҭаҷ 16.3 (аԥкрақәа рықәымныҟәара) инарықәыршәаны. Ахараԥса иқәҵоуп - 45 000 мааҭ", – аҳәоит адырраҭараҿы.
Аҳазалхырҭаҿ ирҳәеит ахьшьқәа згоз ишимху, уажәы дара Шәача асанаториақәа руак аҿы ишыҟоу, анаҩс атәылаҿацәтәи азоопарк иарҭар шалшо.