АҞӘА, ԥхынгәы 25 - Sputnik. Аԥсны Апарламент Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза аиҭашьақәыргыларазы Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара аиқәшаҳаҭра амч аиура иахәаԥшуеит изаамҭанытәиу асессиаҟны.
Жәларбжьаратәи, апарламентбжьаратә еимадарақәеи аицџьынџьуаа реимадарақәеи рзы апарламенттә еилакы аилатәара мҩаԥысит ашәахьа, ԥхынгәы 24 рзы. Аилак алахәылацәа аӡбра рыдыркылеит аиқәшаҳаҭра амч аиура изаамҭанытәиу асессиаҟны иахәаԥшырц.
Адокумент урыстәылатәи аиурист хаҿы аинвестициатә проект шынеигӡо азҵаарақәа ҳәаақәнаҵоит, аганқәа рзинқәеи рҭакԥхықәрақәеи шьақәнарӷәӷәоит.
Ԥхынгәы 16 рзы Аԥсни Урыстәылеи рнапы аҵарҩит Аҟәатәи аҳаирбаӷәаза аусура аиҭахацыркреи ԥхьаҟа аусуреи алзыршо аинвестициатә проект амҩаԥгаразы аиқәшаҳаҭра.