Аԥсны

Гәдоуҭа араион аҿы 93,9% ацәгьоурақәа аарԥшуп шықәсыбжак аҩнуҵҟа

Гәдоуҭа араион аҩнуҵҟатәи аусқәа рыҟәша аиҳабы аҳасабырба ҟаиҵеит 2023 шықәса актәи азбжа аусуразы.
Sputnik
ГӘДОУҬА, ԥхынгәы 25 – Sputnik, Бадри Есиава. Гәдоуҭа араион аҿы шықәсыбжак аҩнуҵҟа 93,9% ацәгьоурақәа аарԥшуп ҳәа иҳәеит атәыла ахада дызлахәыз аилацәажәараҿы Гәдоуҭа араион аҩнуҵҟатәи аусқәа рыҟәша аиҳабы Зосма Гыцба.
Ари аамҭазы араион аҿы 42 цәгьоура ҟалеит, урҭ рахьынтәи 39 аарԥшуп.
Гыцба иажәақәа рыла, аӷьычрақәа ааба рҟынтә быжьба аарԥшуп, рҳәрак мҩаԥган иагьаарԥшуп, закәаншьаҭада абџьар аныҟәгаразы ԥшь-уск хацыркуп, 15 ус хацыркуп закәаншьаҭада анаркотикқәа риекәыршараз. Егьырҭ ацәгьоурақәа -11.
2022 шықәса иара абри аамҭазы 53 цәгьа уын, иаарԥшын 43 (86%).