Аԥсны

Апарламент ахәԥсацҵаз ашәахтә азакәан ариашарақәа аланагалеит

Азакәан апроект азырхоуп ашәахтәшәаҩ иқәынкылара иадҳәалоу азҵаарақәа рҭышәныртәаларазы.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 26 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аԥсны Апарламент аҟны Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәан "Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәан "Ахәцҵаз ашәахтә" ариашарақәа алагаларазы" апроект рыдыркылеит аҩбатәи, аҵыхәтәантәи аԥхьарала.
Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәан "Ахәԥсацҵаз ашәахтә" иазԥхьагәанаҭоит азеиԥш ҭагылазаашьа - ахәԥсацҵаз ашәахтә зқәырҵо аргыларақәа ҳәа ишьоу рзы аоперациақәа рымҩаԥгаразы иаархәо атауарқәа (аусурақәа, амаҵзурақәа) рганахь ала ақәынкылақәа рымҩаԥгара.
Убри аан азакәан ишьақәнаргылаӡом ахҭысқәа – ақәынкылақәа рышьҭахь иаахәоу атауарқәа рхықәкы аҽанеиҭанакуа.
Азакәан апроект иазԥхьагәанаҭоит уаанӡа атауарқәа (аусурақәа, амаҵзурақәа) иматериалтә активқәагьы абрахь иналаҵаны раахәараан ирыдкылаз ақәынкылара аиҭашьақәыргыларазы аҭакԥхықәра, урҭ ахәԥсацҵаз ашәахтә зқәырҵо аоперациақәа рҟны рхархәара иаҟәыҵуазар.