Аԥсны

Гагра араион аҟны 89,2% ацәгьоурақәа аарԥшуп шықәсыбжак аҩнуҵҟа

Гагра араион аҟны 65 цәгьоура ҟалеит шықәсыбжак аҩнуҵҟа.
Sputnik
ГАГРА, ԥхынгәы 26 – Sputnik, Бадри Есиава. Гагра араион аҟны 89,2% ацәгьоурақәа аарԥшуп шықәсыбжак аҩнуҵҟа ҳәа иҳәеит араион Аҩнуҵҟатәи аусқәа русбарҭа аиҳабы Денис Аиба атәыла ахада имҩаԥигаз аилацәажәараҿы.
Иара иажәақәа рыла Гагра араион аҟны 65 цәгьоура ҟалеит шықәсыбжак аҩнуҵҟа. Урҭ рҟынтәи иаарԥшуп 58.
"Ииасыз ашықәс азы ашәҟәы иҭагалан – 63, иаарԥшын - 57 (90,5) – иҳәеит иара.
Аиба иазгәеиҭеит ашәҟәы иҭагалаз 65 цәгьоура рҟынтәи 21 ихьанҭаз цәгьоура шракәыз. 14 цәгьоура шаарԥшу.
Ииасыз ашықәс азы ихьанҭаз 15 цәгьоура мҩаԥган, иаарԥшын 13.
2023 шықәса ҳҭалазар аусбарҭа аусура ауаажәларратә еиҿкаара, ашәарҭадара, атәылауаа рзинқәеи ринтересқәеи рыхьчара ирзырхан ҳәа азгәеиеҭит Аиба.
Иарбоу аамҭазы араион аусҭҵааратә ҟәшақәа аӡбарҭахь инарышьҭит 35 шьаус.