Аԥсны

Гагра араион аҿы ашәахтәқәа реизгара 100% рҟынӡа иацны инагӡоуп

Аслан Бжьаниа Гагра араион аҿы 2023 шықәса актәи азбжазтәи аусурақәа реихшьаалақәа ирызку аилацәажәара мҩаԥигеит.
Sputnik
ГАГРА, ԥхынгәы 26 – Sputnik, Бадри Есиава. Гагра араион аҿы ашәахтәқәа реизгара 94% рҟынӡа иацны инагӡоуп ҳәа иҳәеит араион ашәахтә маҵзура аиҳабы Едгар Бениа.
"2023 шықәса актәи азбжазтәи ауснагӡатә рбагақәа рыла иазгәаҭаз 262,8 миллион мааҭ рцынхәрас иаланагалеит 509,6 миллион мааҭ (194%). Ауснагӡа ахыхь 246,8 миллион мааҭ абиуџьет иаланагалеит", - иҳәеит иара.
Бениа иазгәеиҭеит ииасыз ашықәсаз уснагӡала ишарбаз 185,4 миллион мааҭ, ишаланагалаз 285,7 миллион мааҭ (154%).