Урыстәыла

Sputnik Литва аредактор хада Марат Касем Латвиа аанижьит

Мшаԥымза анҵәамҭаз Касем атәыла дшалымҵуазы ашәҟәы инапаҵарҩны абахҭаҟынтә доурышьҭит.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 26 - Sputnik. Sputnik Литва аредактор хада Марат Касем Латвиа аанижьит ҳәа адырра ҟалҵеит Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнак ҷыда Мариа Захарова арадио Sputnik аефир аҿы.
"Ишьҭазаара еиҭахацдыркыр ҳәа ашәара иманы Марат Касем алшара аниоу атәыла аанижьит", — лҳәеит лара.
Захарова иазгәалҭеит, Латвиа аиҳабыратә мчқәа ажурналист ишицрымӡаауаз.
Мшаԥымза анҵәамҭаз Касем атәыла дшалымҵуазы ашәҟәы инапаҵарҩны абахҭа аҟынтә доурышьҭит. Рашәарамза анҵәамҭаз, Латвиа азакәанқәа шеилеигаз азы ахара ихахьы иахьигаз инамаданы Касем аԥаратә хараԥса идыршәеит, атәыла дшалымҵуазы ашәҟәы инапаҵарҩны абахҭаҟынтә доурышьҭит.
Урыстәыла
Sputnik Литва аредактор хада Марат Касем абахҭа аҟынтәи доурыжьҭит