Урыстәыла

Sputnik Литва аредактор хада Марат Касем абахҭа аҟынтәи доурыжьҭит

© Sputnik / Григорий Сысоев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПМЭФ-2022. Панельная дискуссия. Диктатура неолиберализма глазами российских соотечественников за рубежом
ПМЭФ-2022. Панельная дискуссия. Диктатура неолиберализма глазами российских соотечественников за рубежом - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.04.2023
Анапаҵаҩра
Аусӡбара аҟынӡа Марат аполициа рхылаԥшралеи атәыла дшалымҵуазы ашәҟәы инапи аҵарҩуп.
АҞӘА, мшаԥы 27– Sputnik. Sputnik Литва аредактор хада Марат Касем абахҭа аҟынтәи доурыжьҭит Латвиа дшалымҵуазы ашәҟәы инапы аҵарҩны, абри атәы аанацҳауеит Sputnik Ааигәатәи аҳәаанырцә.
Асааҭ 23:00 инаркны 7:00 рҟынӡа ашәҟәы дахьҭаҩу аҩны дыҟазароуп, мчыбжьык ахьынтә ҩынтә аполициаа рышҟа днеилароуп.
Марат Касем Латвиа датәылауаҩуп, шықәсқәак раахыс Москва дынхоит аус иуеит Sputnik Литва зҵазкуа амедиагәыԥ "Россия сегодня" аҟны. 2022 шықәса ԥхынҷкәын 30 рзы иҭаацәаратә ҭагылазаашьа иахҟьаны Латвиаҟа дцеит.
Sputnik Литва ишаанацҳауа ала Марат Касем даанкылан ажьырныҳәа 5 рзы, ригатәи аусӡбарҭа аӡбрала Рига абахҭа хадахьы днаган. Ажьырныҳәамзазы аусӡбарҭа Марат Касем абахҭаҿ дааннажьит. Адукатцәа иҟарҵаз ахашшаара мап ацәкны.
Ажәабжьқәа зегьы
0