Аԥсны

Уахыки-ҽнаки рыла аҳәынҭқарратә ҳәаа иахысуеит 63 нызқьҩык ауааԥсыреи 11 нызқь машьынеи

Аслан Бжьаниа ахаша, ԥхынгәы 26 рзы ахылаԥшра-аушьҭырҭатә ҭыԥ "Ԥсоу" аҿы анҭыҵтәи аилацәажәара мҩаԥигеит.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 26 – Sputnik, Бадри Есиава. Аҵыхәтәантәи амшқәа рзы уахыки-ҽнаки рыла аҳәынҭқарратә ҳәаа иахысуеит 63 нызқьҩык ауааԥсыреи 11 нызқь автомашьынеи. Ииасыз ашықәс иара абри аамҭа иаҿырԥшны ари арбага 10% еиҳахеит иҳәеит Аԥсны АШәМ аҳәаахьчаратә отриад аиҳабы Рустам Латипов.
"Сынтәа иҟоу арбагақәа рыла арекордтә ҟазшьа ҳазнеит", – иҳәеит Латипов.
АШәМ аҳәаахьчаратә отриад аиҳабы иазгәеиҭеит, Аԥсни Урыстәылеи аганқәа реинырра аҩаӡара ишалнаршо ирласны, хра аманы аҳәаа ахысразы азҵаарақәа рыӡбара.
Латипов иажәақәа рыла, зны-зынлатәи аҳәаа ахысратә уадаҩрақәа зыхҟьо ауааи атранспорти рырацәара иадҳәаланы атехника аиԥҟьара шакәу.