АҞӘА, ԥхынгәы 27 – Sputnik. Аҟәа ахада Беслан Ешба Аҟәа аԥгаԥсатә медицина арҿиараз апланқәа дрылацәажәеит.
Иара иазгәеиҭеит ареспубликаҿ макьанагьы амедицинатә маҵзура атарифқәа шазгәаҭам.
"Аминистрцәа реилазаара ахәаԥшырц ирыдаагалар ҟалоит ихәыдаԥсадоу амаҵзурақәа инарываргыланы зыхә ршәо амаҵзурақәа аԥҵазарц. Иара убасгьы иаҳҭахын аԥгаԥсатә медицина аԥҵара. Уи азы егьырҭ атәылақәа рыпрактика ыҟоуп. Хаҭала, сара ахада инапынҵала урҭ ҭысҵаахьеит. Ахархәаҩцәеи аҳәынҭқарреи еидгыланы аԥгаԥсатә ҭагылазаашьа еиҿыркаауеит. Аԥгаԥсатә медицина ада зыхә ршәоуи ма зыхә рымшәоуи амедицина ҟалароуп ҳәа ҳазҳәом. Агәабзиарахьчара уаҵәтәи амш – аԥгаԥсатә медицина акәны иаҳшьоит", - иҳәеит иара.
Аҟәа агәабзиарахьчараз абиуџьет сынтәа 223 миллион мааҭ арбоуп. Аҳҭнықалақь амедусзуҩцәа– 649, урҭ абжьаратә рулафахәы 26,3 нызқь мааҭ, абжьаратә медусзуҩцәа – 328-ҩык, абжьаратә рулафахәы 18 нызқь мааҭ.