Аԥсны араионқәеи ақалақьқәеи реиҿкаара

Аслан Бжьаниа Тарас Шамба ихьӡ зху апарк аҿы аусурақәа шымҩаԥысуа гәеиҭеит

Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа ареспублика ақалақьқәеи араионқәеи дырҭаауеит аҭагылазаашьа аҭҵааразы.
Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 27 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Тарас Шамба ихьӡ зху апарк аҿы аусурақәа шымҩаԥысуа гәеиҭеит.
Аҟәа ақалақь ахадара "Горстройпроект" адиректор Асҭамур Ԥиԥиа ишиҳәаз ала, уажәы ара ахаҳәҟьаԥс ақәҵара иаҿуп, аҵакыра дрыцқьоит, ацәхыԥқәа ықәдыргылоит.
"Аӡы апарк аҵакыраҿ иқәымтәаларц ажрақәа алырдоит. Аӡы еизыкәкәаны аӡцарҭа хадахьы инеилоит", - иҳәеит Ԥиԥиа.
Апарк аҿы еиҭашьақәдыргылоит аӡыршә, уаҟа иҭаз аԥсыӡқәа аамҭала ииагоуп Шьынқәба ихьӡ зху апарк аҟны игылоу аӡыршә ахь.
"Аӡы цқьазарц иҭадыргылоит аӡхагалага, аӡыраӡага", - иҳәеит иара.
Аусурақәа хыркәшахоит Аиааира амш цәыббра 30 рҟынӡа. Ахарџьынҵа - 17 миллиони 936 нызқь мааҭ.