АҞӘА, ԥхынгәы 28 - Sputnik. Аҟәа ахәҭак ӡыда иаанхоит асабша, ԥхынгәы 29 рзы, абри атәы аанацҳауеит аҳҭнықалақь "Аӡыршьҭра".
Аамҭала аӡы аанкылахоит Лакоба имҩаҟны аремонттә усурақәа ахьымаԥгатәу азы.
Асааҭ 00:00 инаркны 24:00 рҟынӡа ӡыржәтәда иҟазаауеит Аҳабла ҿыц, Ажәытә ҳабла, Ешба имҩа, Колос, авокзал, ВИЕМ, аџьармыкьа, ақалақь агәи ашьхара иахьаԥнуи.