Аԥсны

АҶА аусзуҩцәа амшын иаанахәаз ҩыџьа ауаа еиқәдырхеит

Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 28 - Sputnik. АҶА аусзуҩцәа агидроциклқәа рыла амшын ихылаз ҩыџьа атәылауаа еиқәдырхеит.
"Аӡиа Шәқәырча азааигәара аӡымҽхак аҟны агидроциклқәа рыла амшын ихылаз ҩыџьа атәылауаа ацхыраара рҭаххеит", - азгәаҭоуп адырраҭараҿы.
Ацхыраара зҭаз ауаа амшынеисра иахҟьаны аӡы иагар алшон.
Уи аԥхьа Аԥсны АҶА атәыла ауааԥсыреи асасцәеи амшцәгьаан амшын иҭамларц рабжьыргеит.
Аԥсны
Аԥсны АҶА атәыла ауааԥсыреи асасцәеи амшцәгьаан амшын иҭамларц рабжьыргоит