Аԥсны

Аԥсны 2023 шықәса фымз рыла ашәахтәшәара аплан 29% рыла инагӡоуп

Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 28 – Sputnik. Аԥсны абиуџьет 2023 шықәса фымз рыла иалалеит 1,8 млрд мааҭ, аплан 29% рыла инагӡоуп, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны Ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрра асаит.
Шықәсыбжак рыла аизгақәа 1,4 млрд мааҭ инаӡеит, 430 млн мааҭ рыла иацҵаны инагӡан.
Фымз рыла ашәахтәшәарақәа ҵыԥхтәи арбагақәа ирҿырԥшны 123% рылан инагӡоуп.
Аплан нарыгӡеит атәыла араионқәа зегьы, Очамчыра араион ада.
Ашәарақәа рыла арбагақәа:
ахашәалазы ашәахтә иарбаз 126% инагӡоуп,
ахашәалахәытә шәахтә - 135%,
НДС-124%,
акцизтә шәахтә - 148%,
адгьыл азы ашәахтә - 136%,
амазараз ашәахтә - 140%,
ашәахтә ҷыда - 117%,
апатент - 120%,
ИНН аршаҳаҭгазы аҳәынҭбаџь-140%,
акциз-96%,
акцизтә маркақәа рыҭаразы -84%.
Ашәахтә закәан аилагаразы ирылхын 33,1 млн мааҭ, административтә хараԥса 251,3 млн мааҭ.
Аԥсны Ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистрра аусура ахәшьара бзиа аҭатәуп, иҳәеит Аԥсны ахада Иусбарҭа ахада Џьансыхә Нанба.
Ԥхынгәы 1 азы иҟоу адыррақәа рыла ашәахтәшәарақәа рзы ашәҟәы иҭагалоуп 14859 аҳазхаҭалатә наплакҩцәа, дара рҟынтәи абиуџьет иахыԥхьаӡалоуп 319,2 млн мааҭ. 2022 шықәсазы ари аамҭазы ашәҟәы иарбан 13479.
Ашәахтәшәарақәа зқәу ахыбрақәа -20753.