Аԥсны

Аԥсны АҶА атәыла ауааԥсыреи асасцәеи амшцәгьаан амшын иҭамларц рабжьыргоит

Sputnik
АҞӘА, ԥхынгәы 28 – Sputnik. Аԥсны АҶА атәыла ауааԥсыреи асасцәеи амшцәгьаан амшын иҭамларц рабжьыргоит.
Аусбарҭа адыррақәа рыла аԥша ӷәӷәа аҿалар алшоит, амшын аҟны ацәқәырԥақәа шьҭыҵыр ҟалоит.
Аҳауагәаҭыҩцәа ишаарыцҳауа ала Аԥсны иахьаҵанакуа амш цәгьахоит, ақәа леиуеит, адыд-мацәыс, ҭыԥқәак рҟны акырц леит алшоит.
Ԥхынгәы 28-29 рзы Шәача амшцәгьа бааԥсы ҟалоит ҳәа рылаҳәоуп, уи азы аплиажқәа аркуп.
Урыстәыла
Шәачатәи аплиажқәа амшцәгьа иахҟьаны иаркуп