АҞӘА, ԥхынгәы 28 – Sputnik. Аушьҭырҭатә ҭыԥ "Адлер" акурорттә аамҭазы алшарақәа бжьынтә еиҳаны ақәыӷәӷәара амоуп, абри атәы аанацҳауеит Краснодартәи аҳазалхырҭа.
Уахыки-ҽнаки рыла аԥсуа-аурыс ҳәаа иахысуеит 11 нызқь машьына, наҟ-ааҟ ииасуеит 60 нызқьҩык ауааԥсыра. Аус руеит 27 аушьҭырҭатә цәаҳәа, иара убас аекскурсиатә автобусқәа рзы ацәаҳәацҵа аартуп.
Лаҵара 1 инаркны аҳәаа иахысит ауаҩытәыҩсатә хаҿқәа 4 млн, атранспорттә хархәагақәа 700 нызқь, урҭ рхыԥхьаӡараҿы аекскурсиатә автобусқәа 27 нызқь.
Атранспорттә хархәагақәеи апассаџьырцәеи рхыԥхьаӡара аизҳара аамҭазы аҭыԥ рымоуп аҳазалхратә зинеилагарақәагьы.
"Аилагарақәа реиҳарак- ашәҟәы иарбам атауарқәа аҳәаа ахыгаразы аҽазышәарақәа", - иҳәеит Аҳазалхырҭатә аушьҭырҭатә ҭыԥ "Адлер" аиҳабы Алексеи Быков.
2023 шықәсазы аԥсуа-аурыс ҳәаа иахысит ауаҩытәыҩсатә хаҿқәа 6,5 млн, атранспорттә хархәагақәа 1,4 млн.