Арадио

Атәылауаҩи аиҳабыреи: Ҟәыруа аихамҩатә вокзалқәа реиҭашьақәыргылара иазкны

Аԥсны аихамҩатә усбарҭа анџьныр хада Леонид Ҟәыруа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит авокзалқәа реиҭашьақәыргыларазы иахьатәи аамҭаз ицо аусурақәеи урҭ ирықәхарџьуи ртәы.
Sputnik
Иахьа имҩаԥаҳго апассаџьырцәа рацәамзаргьы, аихамҩа аганахьала иахәҭоу аусқәа нагӡалатәуп ҳәа азгәеиҭеит Ҟәыруа.
"Аихамҩа ахаҭа адагьы аусурақәа нагӡатәуп авокзалқәа рҿгьы. Аҟәатәи авокзал шьаҭанкыла аиҭашьақәыргылара ҳаҿым, аха иара иагу рацәоуп. Ахыбра азбжа бганы иҟоуп аибашьра аахыижьҭеи. Раԥхьа иҩнажьыз агәам ықәаҳгеит. Акәша-мыкәша иныҟәо агәам ҩнарыжьуан. Уажәы адәыхьҭәи аҭыӡқәа рыӡәӡәара ҳаҿуп, ашәқәа-аԥенџьырқәа рҿы ахьатә мҿы иамаз бааит, уажәы ҿыц иаҿаҳҵеит. Аусурақәа зегьы хылаԥшра арҭоит акультуратә-ҭынха ахьчараз аусубарҭа", - ҳәа еиҭеиҳәеит Ҟәыруа.
Шьаҭанкыла аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ҳзымҩаԥымгаргьы ишахәҭоу иаарыцқьаны иаҳаркыр ҳҭахуп ҳәа азгәеиҭеит Ҟәыруа. Иара убасгьы дазааҭгылеит Гәдоуҭатәи аанҿасырҭаҿы ицо аусурақәа ртәы.
Инарҭбааны аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы мамзаргьы аудиофаил аҿы.